Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәы шҭыххоит, асиа иарбоуп 7884-ҩык, урҭ шықәсык аҩнуҵҟа 123,2 миллион мааҭ рызшәахоит
Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәы шҭыххоит, асиа иарбоуп 7884-ҩык, урҭ шықәсык аҩнуҵҟа 123,2 миллион мааҭ рызшәахоит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
“2 000 мааҭ рыла еиҳахоит — Аԥсны Афырхацәа, “Леон“ иорден, “Агәымшәараз“ амедал занашьоу ртәанчахәқәа. 1 000 мааҭ рыла еиҳахоит – аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьраҿ иҭахаз, иԥсыз рҭаацәеи иара убас хатәгәаԥхарала иеибашьуази урҭ рҭаацәеи ртәанчахәқәа“, — иҳәеит Гәлариа.
Аԥаразоужьра Аԥсны атәанчахәытә фонд ахарџь ала имҩаԥгахоит иҳәеит иара.
Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәы еизырҳахарц азы ажәалагала ҟаиҵеит.
Гәлариа инарҭбаау иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
Source: Sputnik А?сны