Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит

Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гал араион аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Атәылауаа рыдкылара мҩаԥысуеит араионтә хәышәтәырҭаҿы, нанҳәамза 8 рҟынӡа. Аконсультациақәа мҩаԥыргоит 4 хырхарҭак рыла абарҭ аҟазацәа: ауролог, агинеколог, амаммолог-аонколог, аЛОР-ҳақьым. “Уажәы ара Гали араион ауааԥсыра рымацара рыдагьы, егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәгьы агәаҭарақәа ирхысуеит“, — иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Иара иазгәеиҭеит ари аус шалыршахеит урыстәылатәи аиҿкаара “Жәлар Рфронт“-и, аицлабра “Аԥсны акоманда“ афиналистцәеи, ареспублика агәабзиарахьчара аминистрреи, араион ахадареи реицхыраарала ҳәа. “Ас еиԥш аусмҩаԥгатә араҟа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Сгәанала, уи ԥхьаҟагьы еиҳагьы аҽарҭбаауеит“, — ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Аминистр иажәақәа рыла, агәаҭарақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, ачымазцәа аҭыԥантәи ахәышәтәырҭатә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу ацхыраара роуеит, иаҭаххар, аҽыхәышәтәразы Урыстәылаҟа идәықәҵахоит. Source: Sputnik А?сны
Back to Top