Аԥсны иҳамаӡам згәабзиара уашәшәыроу риндивидуалтә реабилитациа ԥкаанҵақәа, урҭ реиқәыршәаразы жәларбжьаратәи агәыҳалалратә еиҿк
Аԥсны иҳамаӡам згәабзиара уашәшәыроу риндивидуалтә реабилитациа ԥкаанҵақәа, урҭ реиқәыршәаразы жәларбжьаратәи агәыҳалалратә еиҿкаара рԥышәа ҳамырдоит, абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Аԥсны ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.
“Урыстәыла азакәан иарбоуп аиндивидуалтә реабилитациа ԥқаанҵақәа, згәабзиара уашәшәыроу доусы шьаҿа-шьаҿала изанырҵоит иарбан реабилитациоу иқәнагоу. Уи аҩыза апротоколқәа Аԥсны иҳамаӡам. Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ари аҩыза азҵаара ҳара ишьҭаҳхырц, уи аан дара ирымоу рԥышәа ҳдырбарц“, — лҳәеит лара.
Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Аппарат аганахьала ҳара ҳалацәажәеит згәабзиара аганахьала ззинқәа хьчам ахәыҷқәа ҳрыцхраар злаҳалшо азҵаарақәа ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.
Ажурналист Лана Аԥшьлааԥҳаи афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи инарҭбаау реиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
Source: Sputnik А?сны