Аԥсны агәыҳалалратә усмҩаԥгатәқәа зхы рылазырхәырц зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит ҳәа азгәеиҭеит афонд “Ашана“ ахылаԥшратә

Аԥсны агәыҳалалратә усмҩаԥгатәқәа зхы рылазырхәырц зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит ҳәа азгәеиҭеит афонд “Ашана“ ахылаԥшратә хеилак алахәыла, Sputnik апресс-центр анапхгаҩы Инал Лазба. “Иҟоуп уи ус шакәу атәы зҳәо, ауаажәларра ииашаҵәҟьаны ишшәыз аазырԥшуа ахҭысқәа. Уажәы 10 шықәса ирылагӡаны аизҳара ҳбоит“, — ҳәа азгәеиҭеит иара. Жәашықәса раԥхьа Инал Лазба афонд имҩаԥнагаз аукцион далахәын, Фазиль Искандер иитәыз аҳаҭәараҷ “Ахьтәы Остап“ ааихәеит. Уажәы иара иӡбеит уи афонд наӡаӡа ҳамҭас иаиҭарц. Лазба игәҭакы инақәыршәаны, артефакт хышықәса рахьтә знык аукцион аҿы ицәырыргалоит. “Жәашықәса раԥхьа, Фазиль Абдул-иԥа иԥсы анҭаз, аԥсуа хәыҷқәа рыцхрааразы ари аестафета хациркит, иара изы зегь раасҭа зыхә ҳаракыз аҳамҭа алагалны. Аԥара “Ашана“ хылаԥшра зызнауаз рыцхраарахь идәықәҵан. Жәашықәса ҵит уиижьҭеи, Фазиль дызлалагаз ацҵара сҭахуп, аамҭа-аамҭала имҩаԥысларц ахатә ҭоурых аманы иҟазарц“, — ҳәа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит иара. Афонд “Ашана“ агәыҳалалратә аукцион “Лабра“ ... Source: Sputnik А?сны
Back to Top