• Калдахәара ақыҭаҿ, Ахаа рыҟны. В селе Калдахуара, в гостях у фамилии Ахба

Нанҳәамза 30 аҽны сара калдахәараа дуқәа сырҭан. Сыҟан сара Ахаа рҭаацәараҿ. Сиҭан Лаврик Ахба. Араҟа сара избаз, исаҳаз саргәырӷьеит. Лаврики уи иашьа Игори Ахаа, Калдахәара ақыҭаҿ инхо, аӷьараҳәа иҟоуп. Урҭ рыҩны-ргәара ҧшӡоуп, иҟоуп Анцәа дрықәныҳәаны. Ирҳәо аҧсышәоуп. Рыхшара ҧсыуаҵас иааӡаны ирымоуп. Ирҳәо-ируа рдыруеит. Аус бзиа еиҿкааны ирымоуп. Зхаҭабзиара ҳараку, ажь бзиа иалху аҩы ҟарҵоит, ажьаӷь иалху аршымца ҭарҭәоит. Калдахәараҟа, ари аҩыза аалыҵ аахәаразы, арахь, Ахаа рахь, имҩахыҵоит Аҧсны асасцәа маҷымкәа. Ахаа рҭоурых ҭырҵаауеит. Ажәытә ҳаҭгәын
Back to Top