“Аԥсны зеиԥш ыҟам тәылоуп, ажәлар ргәы аартуп, гәыкала ишаҳԥылаз акоманда зегьы ҳаигәырӷьеит, абас иҳәеит москватәи аклуб “Черт

“Аԥсны зеиԥш ыҟам тәылоуп, ажәлар ргәы аартуп, гәыкала ишаҳԥылаз акоманда зегьы ҳаигәырӷьеит, абас иҳәеит москватәи аклуб “Чертаново Медиа“ ԥасатәи аиҳабы, ажәылаҩ Николаи Ларин. Иара иажәақәа рыла, раԥхьаӡакәны Аҟәа дыҟан 1986 шықәсазы, уи ашьҭахь 2010 шықәсазы. Фазиль Искандер ирҿиара дазҿлымҳауп, аиҳарак Чик иҭоурыхқәа иҳәеит иара. “Ашьапылампыл аганахьала — зегьы аиааир рҭахуп. Ас еиԥш иҟоу ахәмаррақәа шәареи ҳареи ҳаҷкәынцәа рзы ихәарҭоуп“, — иҳәеит иара. Акомандақәа “Аԥсни“ “Чертаново Медиеи“ реицыхәмарра мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәамза 30 рзы Аҟәа, “Динамо“ астадион аҿы. Source: Sputnik А?сны
Back to Top